Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Жьиԥҳа аибашьра алахәылацәа рҭоурыхқәа ирызкны: уарчмазаҩуеит

Жьиԥҳа аибашьра алахәылацәа рҭоурыхқәа иазкны: уарчмазаҩуеит
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз жәҩык аветеранцәа рҭоурых азырхиан ҷыдала Аиааира амш азы. Урҭ зегьы шәрыԥхьар шәылшоит Sputnik асаит аҿы. Аматериалқәа равтор Саида Жьиԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит аҭаацәаратә ҭоурыхқәа реидкылара шлыллыршаз, насгьы зегь реиҳа хьааны илызцәырҵыз атәы.
Лаҵарамза 1 инаркны 9-нӡа Sputnik асаит аҿы иркьыԥхьуан Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иалахәыз аԥснытәи аибашьцәа рҭоурыхқәа. Зынӡа жә-материалк азырхиан.
"Сынтәеиԥш аџьабаа сымбацызт, избанзар, зыԥсы ҭаны араион аҿы иҟоу фҩык роуп, аха исҭахын иҿыцу афырхацәа рҭоурых аиҭаҳәара. Аҭоурыхтә хҭыс зкьымсыз аԥсуа ҭаацәара ыҟамзар ҟалап, аха аибашьцәа рҭоурых здыруа маҷуп", - ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Жьиԥҳа.
Саида лабду иашьагьы 19 шықәса шихыҵуаз еибашьра дцеит, уи хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0