Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьыкырԥҳа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз рфотосахьақәа реизгаразы: милаҭтә баҟахоит

Џьыкырԥҳа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз рфотосахьақәа реизагаразы: милаҭтә баҟахоит
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Ҟәланырхәаа рҵеицәа рфотосахьақәа рцәыргақәҵа аатит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Афотоцәыргақәҵа шьақәгылоуп 133-ҩык рфотоқәа рыла, урҭ рахьынтәи 83-ҩык аибашьра адәаҟны иаанхеит. Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы апроект еиҳа инарҭбааны даҳзалацәажәоит.
Апроект иахьӡуп "Афырхаҵара ыӡӡом", Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьы афотосахьақәа еизызгар сҭахуп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Џьыкырԥҳа.
"Уажәазы Гәдоуҭа араион иаҵанакуа 22 қыҭа рҟынтә аибашьра адәаҿы иаанхаз, ихынҳәыз абарҭ зегьы рфотосахьақәа реидкылароуп хықәкыс иҟоу, насгьы рнысымҩахә маҷк аидкылара. Ҟәланырхәа ақыҭа залаҳхыз уи ауп - раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥырҩы Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Виктор Аргәын иакәын", - ҳәа лҳәеит апроект автор.
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы еиҭалҳәеит аматериал аизгара иацыз ауадаҩрақәа ртәы, насгьы ақыҭатәи ашколқәа аҭоурых аидкылараҿы иҟарҵо ацхыраара атәы.
"Аҵыхәтаны афотоальбом аҭыжьра ҳагәҭакуп, абиԥарақәа изызҳауа ирзаанхаразы. Ирацәоуп апортреҭқәа ахьеиқәымхаз. Ҟәланырхәа ақыҭантәи хҩык рфотосахьақәа ыҟаӡам. Шаҟаҩы иарбан кәакьу иахьжу ҳзымдыруа - ари зегьы ԥсаҭоуп, гәыӷроуп, ҭоурыхуп, ԥсҭазаароуп ҳәа исыԥхьаӡоит урҭ реиқәырхара", - ҳәа лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0