Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Ҟрыми Белгородтәи аобласти аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла рыжәлара аԥырҟәҟәаауп

© Sputnik / Алексей МальгавкоСимферополь
Симферополь - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2024
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҳәаа иаԥну арегионқәак, Ҟрым назлоу рҟны атеррористтә шәарҭара аҩежь ԥшшәыла иазгәаҭоуп.
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Лаҵара 2-3 руха Урыстәыла аҵакыраҿы Украина аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла ажәлара аԥдырҟәҟәааит урыстәылатәи аруаа ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аимнистрра.

"Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба карыжьит Белгородтәи аобласт иахьаҵанакуаз, акы – Ҟрымтәи адгьылбжьаха аҵакыраҿы", - аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.

Украина арратә операциа ҷыда ианалага инаркны УкрАМ аамҭа-аамҭала аҳәаа иаԥну аҵакырақәа ирылахысуеит иара убасгьы Москва назлоу, аҳәаа иацәыхароу аҭыԥқәа рахьгьы ажәыларатә ҽазышәарақәа ҟарҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0