Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хатәгәаԥхарала афронт ахь дцеит: Геворк Кешьиан иеибашьратә мҩа иазкны

© Foto / предоставила Саида ЖибаГеворк Кещян
Геворк Кещян - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2024
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага, 1941 шықәсазы азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара иазгылеит зықьҩыла ҳтәылауаа. Урҭ рыгәҭа дыҟан 31 шықәса зхыҵуаз ахаҵеиба, зԥазаҵә дныжьны аибашьра ицаз Геворк Ованес-иԥа Кешьиан. Иара иеибашьратә мҩа алагеит Керчынтәи. Аветеран иҭоурых анҵоуп имаҭа Левон Кешьиан иажәақәа рыла.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Геворк Кешьиан Ҭырқәтәылантәи ахҵәара иақәшәаны Кавказ ахырхарҭахь иқәҵыз аерманцәа дырхаҭарнакуп. Аԥхьанатә иара иаб Ҟәбина дыӡхыҵит, устәи Аԥсныҟа дааны Сальма ақыҭан дынхеит. Геворк Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду алагаанӡа аҭаацәара аԥиҵахьан, аԥа хәыҷы диман. Аибашьра аламҭалазы Геворк иԥшәмаԥҳәыс аимҳәацәгьа дагеит. Аб иҷкәын иҭаца длызныжьны, иашьцәеи урҭ рԥацәеи дрыцны афронт ахь дцеит.
"Сабду иҭаацәараҟны 16-ҩык аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирызҳаит. Аибашьра ианалага, зықәра аҵанакуаз ахацәа зегьы афронт ахь ицеит. Сабду иашьцәа ҩыџьа хабарда ибжьаӡит, аӡәы дҭахеит, хҩык хынҳәит. Аибашьраҿы иҭахеит сабду иашьцәа рԥацәа хҩык", - иҳәоит Геворк имаҭа Левон.
Геворк Гагратәи арратә комиссариат аҟнытә Керчҟа дрышьҭуеит. Уаҟа иара дзықәтәаз аибашьыга аидарамҩангагатә машьына аӷацәа ирҟәаҟәоит. Асолдаҭцәа зегьы ҭахоит. Иара заҵәык ахәра иманы агоспиталь ахь дыргоит. Уи аамҭазы акомандаҟаҵара адырра роуоит, Геворк хабарда дыбжьаӡит ҳәа. Аибашьҩы игәабзиара анышьақәгыла, ихаҭара деилыркааны ҩаԥхьа афронт ахь дцоит машьынаныҟәцаҩс. Ус равтоколонна аӷацәа ҳаирпланла иажәлоит. Геворк иҩызцәа реиԥш амҩа авара ажраҿы иҽицәахуеит. Уи аамҭазы иганаҿы игылаз ахыԥсаҟьаҩ иабџьар имхны, аҳаирплан деихсны иҭаирхоит. Геворк иааирԥшыз ахаҵаразы "Аецәа ҟаԥшь" аорден ианаршьоит, иара убас мышқәак аҩныҟа даарышьҭуеит ԥсшьаразы.
Геворк Кешьиан днаӡоит Берлинынӡа. Аибашьра аветеран илшамҭақәа рзы ианашьан "Аџьынџьтәылатәи аибашьра" аорден 2-тәи аҩаӡара, "Аибашьратә лшамҭақәа" рзы амедал, "Берлин агаразы" уҳәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа жәпакы.
"Сабду афронтынтәи даныхынҳә ҿыц аҭаацәара далалоит. Аҩбатәи иԥшәмаԥҳәыс лҟнытә хҩык аԥацәа ихшоит. Иара активла Сальма ақыҭа аҿиара далахәын. Аколнхара ахантәаҩыс аус иуан. Аха есааира адгьыл аус адулара аллергиа инаҭо иалагеит, ибаҩқәа ааԥшуама уҳәо ижьы еиҟәԥон. Аҳақьымцәа рабжьгарала сабду изанааҭ иԥсахыр акәхеит. Ахәша ахархәара ахьамоу усурҭак ԥшаа ҳәа иарҳәеит. Ус Гаграҟа нхара диасны, Бзыԥҭа аҳаблан, автотранспорттә наплакаҟны аихаҟазара иҽазикуеит.
Геворк аибашьра алацәажәара бзиа ибаӡомызт. Имаҭацәа ирдыруа, афронт адәаҟны дзықәшәаз акык-ҩбак ахҭысқәа ранду лҟынтә ауп ишраҳаз. Геворк иҭахын зынӡагьы ари аԥсҭазааратә даҟьа хиҩарц.
1992 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, раԥхьатәи ахысбыжьқәа рыла Геворк ицәа иалашәеит ҽеи шыҟамыз. Аԥышәа змаз абырг дрымжьеит ажәҩан иалибаауаз ахымцақәа.
"Ҳара хџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, сашьа Ованес 17 шықәса ракәын ихыҵуаз. Иара иуалԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡеит аԥсадгьыл ахьчара. Убри аҟнытә аӡәгьы дизымҵаакәа иҩызцәа дрыцны афронт ахь дцеит. Исгәалашәоит зны аҩны данаа, сабду иикыз автомат имхны инарҳәы-аарҳәны "сара стәы еиԥшын" ҳәа азгәаҭаны иргьежьны ишииркыз "сгәабзиара иауазҭгьы суцны сымцози" ҳәа нацҵаны. Анцәа иџьшьаны сашьа деибганы аибашьра далҵит", - еиҭеиҳәоит Левон.
Геворк Кешьиан иԥсҭазаара далҵит лаҵара 9, 1995 шықәсазы, ателехәаԥшрала "Аиааира апарад" дшахәаԥшуаз. Абырг игәы иазышьҭымхит ихаҟны еилалаз ацәаныррақәа.
"Ҳабду идунеи аниԥсах, ҳҭаацәараҟны традициак аҳасабала иазԥаҳҵәеит, есышықәса, анышә дахьамадоу Сальма ақыҭан еихылҵшьҭору иҳаҭгәын ҳаҭааны Аиааира Ду амш азгәаҭара. 1995 шықәса раахыс знызаҵәыкгьы ҳабду "ихала" даанҳмыжьыцт уи аҽны.
Маха-шьахала иӷәӷәаз, "аҵла адац шамоу иныҟәоны жәбозар, аҵаҟа Геворк дшәыԥшаа" ҳәа изышьҭаз аибашьра аветеран, иахьа еиҵагылаз ихылҵшьҭра аҿырԥштәы бзиа рзынижьит. Дара ишынеибарку ирдыруеит изакәу аԥсадгьыл аиҷаҳара, изаку аиҩызара, изаку аиашьара…
© Foto / предоставила Сида ЖибаГеворк Кеешьиан инышәынҭра
Геворк Кещян - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2024
Геворк Кеешьиан инышәынҭра
Ажәабжьқәа зегьы
0