Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ченгьелиаԥҳа арҵаҩцәа разыҟаҵаразы акурсқәа ирызкны: ибзианы еиҿкаауп

Ченгьелиаԥҳа арҵаҩцәа разыҟаҵаразы акурсқәа ирызкны: ибзианы еиҿкаауп
Анапаҵаҩра
ААУ аҿы есышықәса ашколқәа рырҵаҩцәа рдыррақәа реизырҳаразы акурсқәа мҩаԥысуеит. Ааигәа аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы арҵаҩцәа урҭ ирхысит, уажәы абиологиа, ахимиа амаҭәарқәа рыла ацара иаҿуп. Арҭ акурскәа шаҟа ицхыраагӡаны иҟоу атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аԥышәа аизырҳареи аспециалистцәа реиҭазыҟаҵареи рзы ареспубликатә центр аиҳабы Медеиа Ченгьелиаԥҳа.
Акурсқәа ирылахәуп араионқәа рҟынтә арҵаҩцәа. Ари амчыбжь иалагӡаны имҩаԥысуеит алекциақәа, аиҿцәажәарақәа, апрактикатә усурақәа ҳәа еиҭалҳәеит Ченгьелиаԥҳа. Алекциақәа мҩаԥыргоит абиологиа-агеографиатә факультет арҵаҩратә еилазаара.
"40-ҩык инареиҳаны арҵаҩцәа акурсқәа ирылахәуп. Дара аҵыхәтәаны аҩыратә ԥышәара арҭоит, уи алагьы азшьа роуеит. Ашьақәыргыларатә сессиеи азшьа азҭази ироуеит аршаҳаҭгатә курсқәа. Даара иҳаҵҳаҵо алекциақәа рҿы итәоуп арҵаҩцәа. Акурсқәагьы еиҿкааны имҩаԥысуеит. Араҟа ироуз аԥышәа ахархәара арҭоит анаҩс аурокқәа рҿы", - ҳәа еиҭалҳәеит Ченгьелиаԥҳа.
Акурсқәа арҵаҩцәа рзы хәыда-ԥсадоуп, еиҳарак дара ззеиҿкаау аҿарацәа роуп. Иааиуа амзақәа рзы егьырҭ амаҭәарқәа рзгьы арҵаҩцәа адыԥхьалахоит.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0