"Ахәра зырӷьо": ахәырбӷьыци жәлар рмедицинеи

© Sputnik / Томас ТхайцукПогода
Погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2023
Анапаҵаҩра
Шеишықәсала ауаа зхәышәтәуа ахәырбӷьыц иазку аматериал азлырхиеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ахәырбӷьыц (урысшәала "подорожник") – ихырҳагоу ҵиаауп. Аԥсуаа жәытәнатә аахыс ирдыруан "ахәра зырӷьо абӷьыц" – ахәырбӷьыц аӡбахәи уи иалоу азҩыдареи ртәы.
Ҳажәлар рҿы ирҳәоит: "Ахәырбӷьыц дашьҭоуп зыхәра мжьыжькуа" ҳәа, избан акәзар, зыӡбахә ҳамоу аҵиаа ахәрақәа, ашәрақәа, ахҭәасаарақәа, амжьыжькрақәа ирыхәшәуп. Иара иалҵуа аӡы (азгә. "сок") ала ахәрақәа дырӷьон, ишаӡоу иҟәаҟәаны ашәра ҭыԥқәа ирхьыршьуан, ишеибгоу ахәра ҭыԥқәа ирықәырҵон, ирҩаны, нас иххны ахәра иаҿарԥсон - ирласны иарӷьарацы.

Ахәырбӷьыц жәлар рмедицинаҿы

Жәлар рмедецинаҿы ахәырбӷьыц зхәарҭоу рацәаӡоуп, ахәрақәа рырӷьареиԥш иара:
Иалҵуа аӡы алымҳахьаа ахәшәтәуеит.
Аимҳәа зыхьуа лассы дыбзиахаразы ахәырбӷьыц еихаршны иаҵыҵуаз аӡы идыржәуан.
Ахаԥыц хьаа ахҽразы: ахәрыбӷьыц аӡа еизганы, иҟәаҟәаны, нас ахьаа змаз ахаԥыц ашьаҭа иаакәыршаны иахьыршьуан.
Аԥсуаа ахәыҷқәа-адуцәа џьара хәаҷак ркьысзар, ирыцҳазар, ахәырбӷьыц аӡы ала иҿырыӡәӡәаауан.
Ахәырбӷьыц еихаршны иаҵырхуаз аӡы зрыԥҳақәа зыхьуаз иддыржәуан.
Приготовление первого сыра в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2023
Аԥсны
"Мгьалырхаара ицо": ахызи уи иалоу ахәарҭареи

Ахәырбӷьыци ацахьааи

Жәлар рыхәшәқәеи рыхәшәтәышьеи ирызҿлымҳаз аҵарауаҩ Светлана Наҷҟьебиаԥҳа лышәҟәы "Аԥсуа жәлар рмедицина" аҿы илыҩуеит: "Ацахьаа ахәшәтәраҿы ашьыжь ауаҩы акрифаанӡа сааҭк шыбжьоу 9-10 хәырбӷьыц шаӡоу ифон, убас жәамш рыҩнуҵҟа иҟаҵатәын. Шықәсык анҵлак ашьҭахь ахәшәтәра еиҭадырҿыцуан".
Ауаҩы дзыргәаҟуа ацахьаа ахәшәтәраан: акруфаанӡа 15-20 минуҭ шагу мышк ахь хынтә ахәырбӷьыц аӡы алхны ижәуан. Абри аҩыза ахәшәтәра мҩаԥысуан 30 мшы ирҭагӡаны. Убасгьы, ацахьаа ахәшәтәразы иаздырхион абарҭ амарҭхәқәа: ахәырбӷьыц ажәла амраҿы ирҩаны, ацха иалаԥсаны еилдырхуан, нас мҳаҵәла мышкы ахьтә хынтә ари ахәшә лбаардон.
Одуванчик  погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2023
"Аԥсабара анышәҭуа": жәлар рмедицинала аллергиа шырхәышәтәуаз

Узхәышәтәуа ахәшә уааҵраҿ иҟоуп

Ажәытәуаа ражәа иалан "узхәышәтәуа ахәшә уааҵраҿ иҟоуп" ҳәа. Абри атемала схәыҷра ашықәсқәа раан сабду иҟынтә исаҳахьаз ҳәамҭа кьаҿк шәзаазгар сҭахуп.
Зны ҷкәына хәыҷык ахәра инылеит. Иара ацәажәарагьы цқьа даламгацызт. Иҭаацәа даара рҽыршәеит, аха дырзымхәышәтәит, игәы еиҳа-еиҳа ибааԥсхон.
Уахык ани аби гәҭыӷьӷьаала Анцәа иҳәеит "гәнаҳа змаӡам рыҷкәын хәыҷы деиқәхаразы". Ари згәы бааԥсыз ахәыҷы ауха дахьыцәаз, ԥхыӡла "Ахәырбӷьыц, ахәырбӷьыц!" ҳәа даацәажәеит. Уи иани иаби ираҳан, иԥшааны далархәышәтәит, дыбзиахеит.
Иџьаушьаша, ахәыҷы ихәра зырӷьаз ахәырбӷьыц аҭаацәа рыҩны ааҵраҿы иазҳауан.
Новорожденный малыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2023
Аԥсны
"Ани ахәыҷи еимаздо": жәлар рмедицина азааҭгылара

Аиҿырԥшрақәа

Шеишықәсала ауаа зхәышәтәуаз ахәырбӷьыц, ахьӡ-аԥша арҳаит, уи алагьы еиҿырԥшра ҳасабала ахархәара аиуит. Иаагап ҿырԥштәқәак:
"Ажәлар рыбз хәрыбӷьыцуп" - рҳәоит.
"Ашьха ӡыхь еиԥш дыцқьоуп, ахәырбӷьыц еиԥшҵәҟьа дыхәшәуп" ҳәа лзырҳәоит аҭыԥҳа бзиа.
Аԥсуа поет Борис Гәыргәлиа иажәеинраалақәа руак аҿы иҩуан: "Ухы кылхла ахәырбӷьыц, уагьаӷрамгылан аҭәыц".
Мушьни Миқаа иеизга "Тур ихәаа ражәабжьқәа" аҿы дзыхцәажәо аҭаацәа рқьиара, рыҳалалра аарԥшразы ихы иаирхәоит абри аҳәоу: "Рхы ахәырбӷьыц икылхуа, зхәы иаҭәҳәаны изфоз, аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәалартә иҟаз уаан".
Ажәабжьқәа зегьы
0