Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынба Петербург дырԥылеит Никарагуантәи аделегациа

© Foto / Медиацентр МИД АбхазииИнал Ардзинба и Лауреано Ортега на полях ПМЭФ
Инал Ардзинба и Лауреано Ортега на полях ПМЭФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2023
Анапаҵаҩра
Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит рашәара 14-17 рзы.
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Петербург дырԥылеит Урыстәыла аусеицуразы ахаҭарнак ҷыда Лауреано Ортега Мурильо зхадараҿы дыҟаз Никарагуантәи аделегациа. Абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.

Аганқәа алацәажәеит, ахәҳаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәеи аинформациатә политика ахырхарҭалеи аусеицура апҳьаҟатәи аԥеиԥш.

Иара убасгьы, аганқәа ирҳәеит Аԥсны-Никарагуа амедиаеиҿкаара аԥҵара шхымԥадатәиу.
XXVI Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит рашәара 14-17 рзы Петербург ақалақь аҟны. Уи рхы аладырхәоит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу гәыԥҩык адепутатцәеи, аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озгани, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи.
Делегация Народного Собрания – Парламента Республики Абхазия во главе со Спикером Парламента Лашей Ашуба принимает участие в XXVI ПМЭФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2023
Аԥсны
Аԥсны алахәуп Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аекономикатә форум
Ажәабжьқәа зегьы
0