Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахада иҟны аиԥыларақәеи аилацәажәарақәеи, амедусзуҩцәа рфорум

© Sputnik / Томас ТхайцукВторой Абхазский медицинский форум открылся в Сухуме
Второй Абхазский медицинский форум открылся в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит мшаԥы 22-28 рзы Аԥсны еиҳа иналукаашаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылеи Приднестровиеи рмедицинатә усбарҭақәа рминистрцәеи реицәажәара, амедицинатә форум амҩаԥысшьа, акурорттә сезон азыхиазаара уҳәа ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Аусутә еиԥыларақәа

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа имҩаԥысит II Аԥснытәи амедицинатә форум. Уи иалахәын аԥснытәи амедусзуҩцәеи урыстәылатәи аҟазауааи.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла агәабзиарахьчара амимнистр Михаил Мурашко дидикылеит Иусбарҭаҟны, мшаԥы 22 рзы.
Мурашко иазгәеиҭеит 2023 шықәсазы Аԥсны 7,5 нызқьҩык ауааԥсыра Урыстәыла амедицинатә цхыраара рыҭан ҳәа. Урҭ рҟынтәи 104-ҩык — зтехнологиа ҳараку. Мурашко иара убасгьы иҳәеит иахьазы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ишырҭо 144-ҩык Аԥсны атәылауаа.
Аслан Бжьаниа Михаил Мурашко ҭабуп ҳәа иеиҳәеит COVID-19 аантәи апандемиаз иҟаиҵаз ацхыраараз. Иара иажәақәа рыла атәылақәа еиныруан – Аԥсныҟа иаауан Урыстәыла аҳақьымцәа, ҩынтә аусура хнартит Атәылахьчара аминистрра агоспиталь.
Аслан Бжьаниа Михаил Мурашко аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара ианеишьеит, ҭабуп ҳәа ахиҳәааит шәҩыла Аԥсны ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа реиқәырхаразы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьигкаевы Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика агәабзиарахьчара аминистр Кристина Албули дырԥылеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьигкаев аиԥылараҟны иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рзы аус хадақәа ишреиуоу аҟазауаа ҿарацәа рыбжьара аинырра ашьақәыргылара. II Аԥснытәи амедфорум аганқәа иднарбоит иарбан хырхарҭоу аусеицуразы еиҳа иахәҭаны иҟоу. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны азы амедицинатә хырхарҭа апроблемақәа рыӡбра аԥыжәара аманы ишыҟоу.
Хра злоу ахҭысқәа: Камлиаԥҳа II Аԥснытәи амедицинатә форум иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2024
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Камлиаԥҳа II Аԥснытәи амедицинатә форум иазкны
Аслан Бжьаниа иԥылараан ПМР агәабзиарахьчара аминистр Кристина Албул иазгәалҭеит Аԥсни Приднестровиеи 30 шықәса реизыҟазаашьақәа аиҩызаратә шьаҭа шрымоу, иаалырԥшит агәыӷра II Аԥснытәи амедицинатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥышәа аимдара жәларбжьаратәи аимадарақәа арӷәӷәап ҳәа.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсни Приднестровиеи еиԥшу апроблемақәа шрымоу, урҭ шеицырыӡбо.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиан зхадараҿы дыҟоу аделегациа.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Петросиан ихадоу имиссианы ишыҟоу ареспубликеи аобласти рыбжьара еицырзыфеидоу аизыҟазаашьақәа рырҿиара.
Ваге Петросиан Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иааԥхьаразы, иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа традицианы ишыҟалаз.
Арҷелиаԥҳа аҩбатәи Амедицинатә форум азы: аҭҵаарадырразы хра ду алоуп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2024
Арадио
Арҷелиаԥҳа аҩбатәи Амедицинатә форум азы: аҭҵаарадырразы хра ду алоуп

Аерман жәлар ргеноцид

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш инамаданы аерман жәлар рыхьӡала адышшылара ҟаиҵеит.
"Аерман жәлар ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит. Адунеи зегьы аҟнеиԥш, ҳаргьы иахьа иаҳгәалаҳаршәоит аҩажәатәи ашәышықәса алагамҭазы иҟалаз ахлымӡаах – аерманцәа ргеноцид", — аҳәоит ахада ишәҟәаҿы.
Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны агәаанагара шеиҭанамкуа — хыԥхьаӡара рацәала ауаа рнырҵәара ҟалашьа змам акакәны ишыҟоу.
Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу аерман диаспора гәыкала дрыдышшылеит, ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи.

Акурорттә сезон аҽазыҟаҵара

Акурорттә сезон аҽазыҟаҵаразы Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит мшаԥы 25 азы.
Атуроператорцәа ишазгәарҭо ала, 2024 шықәсазы Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа 15-25% еиҳахоит ҳәа иҳәеит Атуризм азы аминистр Ҭеимураз Хышба атәыла ахада имҩаԥигаз аилатәараҿ.
Иара убас иазгәеиҭеит, ажьырныҳәамза 1 инаркны аномертә фонд ишартәо 46 275 ашьҭаларҭатә-ҭыԥ, аԥсшьаҩцәа здызкыло аобиектқәа 1025 шыҟоу.
Аслан Бжания провел совещание по подготовке к курортному сезону - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2024
Аԥсны
Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵара иазкны
Аизараҟны ирылацәажәан аԥсшьаҩцәеи акурорттә хыбрақәеи ршәарҭадара азҵаара; аҳәаа ахысра, аквалификациатә кадрқәа рыҟамзаара, анхарҭатә коммуналтә усбарҭа аусзцәа разымхара уҳәа.
Иазыӡырҩын агәабзиарахьчара аминистр Е. Быҭәба иажәахә.
Ажәахәқәа ҟарҵеит иара убас администрациақәа рхадацәа.
Едуард Быҭәба далацәажәеит урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аԥсны рыҟазаара атәы.
Иара иажәаәқа рыла акадрқәа рдефицит урҭ рыла ихадырҭәаар ауеит атуристцәа аԥхынразы раараан.
Бжьаниа аԥхынтәи асезон азыхиара шьахәуп ҳәа ахиҳәааит.

Апарламент аилатәара

Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара мҩаԥнагеит мшаԥы 25 азы. "Аиҿкаарақәа рхашәалақәа рзы ашәахтә" азакәан аиҭакрақәа аланагалеит аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Уажәшьҭарнахыс аиурист хаҿқәа рхашәала 10% ахшәаарала ахатәхаҿқәа рхашәала иаваҟәало ишьақәыргылоуп. Асеиԥш ҟаҵоуп аекономика арҿиаразы аинвестициақәа раԥҵарала.
Адепутатцәа иара цбасгьы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит азакәан "Амилаҭтә ԥарашәаратә система аелектронтә ԥарашәагақәа рхархәарала".
Ари аҭахны иҟан азакәан атекст аҿы аиҿагыларақәа раԥыхразы, хаҭала атермин "эквайер" аилкааразы. 2-тәи ахәҭаҷ аҟн "эквайер" "екваиринг мҩаԥызго акредиттә еиҿкаара ҳәа иарбоуп, ахәаҭҷ 17 аҟны ахархәара аҭоуп атермин "банк-эквайер" (акредиттә еиҿкаарақәа ркатегориақәа арҭшәоит).
Аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала аиҭакрақәа алагалоуп административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла. Уажәшьҭарнахыс аобиект аргылара, ареконструкциа, акапиталтә ремонт ахархәарахь рыҭара раан аилагарақәа рзы ахара рӷәӷәахоит.
Адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала Риҵатәи амилаҭтә парки Афонтәи аҳаԥи рҟынтәи ареспубликатә биуџьет ахь анашьҭрақәа рзы азакәан апроект рыдыркылеит.
Апарки аҳаԥи рҟынтәи ес-билеҭ рҟынтә 250 мааҭ абиуџьет ахь иҭалоит ахәыҷқәеи альготақәа змоуи рбилеҭқәа аалхны.
Аԥсны Апарламент Ашьауӷатәии Ашьауӷа-процессуалтәи закәанеидкылақәа ирыхәаԥшит ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәаразы ахарадҵара арӷәӷәаразы. Апроект рыдигалеит ахада ихаҭарнак Баҭал Аиба.
Апроект иазыԥхьагәанаҭон ауаҩы цәаԥҽрала ихцәажәаразы ашьауӷа ашьақәыргылара.
Аҳәатәи аҳәашьеи: ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәаразы азакәан аԥсахрақәа алагалара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2024
Арадио
Аҳәатәи аҳәашьеи: ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәаразы азакәан аԥсахрақәа алагалара иазкны

"Ласточка" Аҟәа иааит

Урыстәылатәи атуристтә дәыӷба "Ласточка" ԥышәара ҳасабла Аҟәаҟа иааит мшаԥы 25 азы.
"Аԥсны аихамҩа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, аихамҩа аусзуҩцәа ирӡбран иҟоу адәыӷба аараҟны ауадаҩрақәа аарԥшын.
"Гагранӡа ҳабзиан ҳааит, уи анахыс Аҟәанӡа иахьабалак аанҿасырҭақәеи атоннельқәеи рыҟны ҳаангылон, зегьы ҳрыхәаԥшит, зегь анаҳҵеит иҟоу ауадаҩрақәа ааԥыххоит", -ҳәа иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла, уадаҩрас иҟоу - "Ласточка" иаабац адәыӷбақәа иахьреиҳау ауп.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба инаҵшьны иазгәеиҭеит "Ласточка" Аҟәанӡа аара аҵак ду шамоу.

Ацхыраара амиссиа

Жәларбжьаратәи аволонтиортә программа "Ақьиара Амиссиа" аатит Аҟәа.
Иара азырхоуп згәабзиара ԥку ацхыраара рыҭара. Амиссиа хышықәсоуп Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи.
Сынтәа иара ареспублика зегь аҿы имҩаԥгахоит. Москватәи Аҳәынҭқарратә акультура аинститут 30-ҩык арҵаҩцәеи 8-ҩык астудентцәеи 12 мшы ирылагӡаны актиортә ҟазареи арежиссуреи рзы амастер-классқәа мҩаԥыргалоит, аинтеллектуалтә хәмарреи бреин-ринги мҩаԥыргоит, ареспублика аҿари дареи еиԥылоит.
"Ақьиара Амиссиа" еицеиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра, МГИК.

Хәыхәыт Бӷажәба игәалашәараз

Хәыхәыт Бӷажәба диижьҭеи 110- шықәса аҵра иазкыз анаукатә конференциа мҩаԥысит Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы.
Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор, афилологиатә наукақәа ркандидат Арда Ашәба Аинститут аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аусура атәы инарҭбааны далацәажәеит.
"19 шықәса ракәын ихыҵуаз СССР ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь данрыдыркылоз. Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол даналга ашьҭахь дҭалоит Ленин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә аҭоурых-философиатә факультет", – иҳәеит Ашәба.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, АНА академик, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥхьахә алауреат Хәыхәыт Бӷажәба диит жьҭаара 15, 1914 шықәсазы. 200 усумҭа, 12 монографиа дравторуп.
Габниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥҳәыс лхаҿсахьа аԥсуа литератураҿы иааннакыло аҭыԥ атәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2024
Арадио
Габниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥҳәыс лхаҿсахьа аԥсуа литератураҿы иааннакыло аҭыԥ атәы

"Аԥсны" аиубилеи

Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра иазку аилатәара аатит Аҟәа, мшаԥы 24 рзы.
Аиубилетә хәылԥазы аҿы Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи адныҳәалара даԥхьеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа.
"Ҳазҭоу ашықәс беиоуп ҳтәыла азы акыр зҵазкуа ахҭысқәа рыла: аԥсуа культуреи алитературеи иналукааша аусзуҩ Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵреи уи аредактор хадас дызмаз аԥсуа газеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер ҭыҵижьҭеи 105-шықәса аҵреи.
Ари аҭыжьымҭа иузаҟәымҭхо Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәгылара аетапқәа зегьы рҭоурых иадҳәалоуп. Агазеҭ "Аԥсны" 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан ареспублика аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы адырра аҟаҵара азы ауалԥшьа нанагӡон. Агазеҭ усҟан Гәдоуҭа иҭыҵуан Аибашьра аамҭа иалагӡаны агазеҭ 70 номер ҭыҵит. Агазеҭ аусзуҩцәа рацәаҩны аибашьра иалахәын, урҭ рахьынтә хҩык аибашьраҟынтә изыхнымҳәит. Иҭахаз афырхацәа ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит", - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.
"Аԥсны" аредактор хада Ахра Анқәаб иазгәеиҭеит апериодикатә ҭыжьымҭа ишалнаршаз ареспублика ауааԥсыра рҵарадырра арҭбаара ишырнаҭаз агәыӷра аҵареи акультуреи рыҿиаразы.
Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа.
Ацәыргақәҵаҿы еизгоуп агазеҭ еиуеиԥшым аҭоурыхтә даҟьақәа ирызку аматериалқәа, уи акьыԥхь раԥхьаӡа ианаба инаркны иахьа уажәраанӡа.
"Аԥсны" – аԥсышәала раԥхьаӡа акәны иҭыҵыз газеҭуп. Раԥхьатәи аномер ҭыҵит 1919 шықәса жәабран 27 рзы. Ари аҽны Аԥсны иазгәарҭоит Амассатә информациа ахархәагақәа рымш.
Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь 1921 шықәса рзы агазеҭ "Аԥсны" ахьӡ "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа еиҭаркит. Уи ус иахьӡын 1991 шықәсанӡа, уи ашьҭахь уи раԥхьатәи ахьӡ аздырхынҳәит.

"Абиблиоҵхы"

"Абиблиоҵхы" — асоциал-культуратә акциоуп, ашәҟәыԥхьара иазкуп. Ари аҵх азы абиблиотекақәа русура аамҭеи рформати ирыцырҵоит. Ашәҟәыԥхьара аларҵәара иазку асоциал-культуратә акциа "Абиблиоҵхы" мҩаԥысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы.
Абиблиотека еихагыла-цыԥхьаӡа имҩаԥган еиуеиԥшымыз атематикатә усмҩаԥгатәқәа - абуккроссинг, аԥсуа поезиазы авикторина, апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи ҿарацәа злахәыз "Литературный квартирник", иара убас ашәҟәқәа рцәыргақәҵа.
Библионочь в Нацбиблиотеке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2024
Аԥсны
"Абиблиоҵхы" мҩаԥысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы
Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын "Асахьаркыратә ажәа адунеи" аусмҩаԥгатә. Араҟа ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа апоет иажәеинраалақәа ирылху ашәақәа нарыгӡеит, ашколхәыҷқәеи, астудентцәеи, аиҳабыратәи абиԥара иаҵанакуа рхаҭарнакцәеи ҿырҳәала ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
"Абиблиоҵхы" иаҭааз асасцәа дырлахҿыхуан араионқәа рҟынтәи иааз еиуеиԥшым ахәыҷтәы аҟазаратә коллективқәа. Артистцәа қәыԥшцәа инарыгӡеит амилаҭтә кәашарақәа. Зынӡа ихәыҷӡақәаз еиҿкааз ауадақәа руак аҟны бзиа ирбоз амультфильмқәа ирыхәаԥшыртә алшара ыҟан.
"Абиблиоҵхы" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан адеӷьесҭан поетесса Миасат Муслимова лырҿиаратә хәылԥазы.
Агрԥҳа «Абиблиоҵхы» азы: ашәҟәыԥхьара згәы азҭо ҳзааиуеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2024
Арадио
Агрԥҳа "Абиблиоҵхы" азы: ашәҟәыԥхьара згәы азҭоу ҳзааиуеит

Амшаԥныҳәазтәи аџьырмыкьа

Амшаԥныҳәа аламҭалазтәи аџьармыкьа мҩаԥысит мшаԥы 27-28 рзы акультура-усутә платформа "Гәыма" аҿы.
"Амшаԥныҳәатәи аџьармыкьа амҩаԥгара уажәшьҭа итрадициатәхеит. Иахьа 20-ҩык ҳалахәуп, уаҵәы еиҳагьы ирацәаҩхоит. Аџьармыкьа аус аулоит асааҭ 10 инаркны 17:00 рҟынӡа. Рнапкымҭақәа ӡырыргоит аԥышәа змоу аҟазацәа реиԥш арахь ҿыцны зшьапы еихызгогьы", — лҳәеит аиармарка аиҿкааҩцәа ируаӡәку Хьыбла Возԥҳа.
"Гәыма" даҽазныкгьы иаднаԥхьалеит еиуеиԥшым аусхкқәа знапы рылаку аҟазауаа – ачысхаа аӡыҩцәа, ачарӡыҩцәа, анапҟазацәа.
Аҭааҩцәа иаархәар рылшон аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, аспаржа.

"Аиааира адиктант"

Акциа мҩаԥысуеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи, гьечрыԥшьҭәии тҟәарчалтәи аҩбатәии абжьаратә школқәет рыҟны.
Уаанӡа "Аиааира адиктант" Аџьынџьтәылатә еибашьра ду азеиԥш дыррақәа ирызкызҭгьы, уажәы арегионалтә ҭоурыхқәагьы аҵанакуеит. Сынтәа Аԥсны иазку азҵаарақәагь хәба ҟалоит", - ҳәа иҳәеит Россотрудничество ахаҭарнакра ахада Дмитри Федотов.
Акция Диктант Победы началась в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2024
Аԥсны
Аԥсны акциа "Аиааира адиктант" алагеит
Аԥсны иаҵанакуа азҵаарақәа рзы ацхыраара ҟанаҵеит Ахьӡ-аԥша Амузеи.
Акциа азкуп Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра. Иара фынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Сынтәа акциа иалахәхеит 58 ҳәынҭқарра.
Ажәабжьқәа зегьы
0